Аԥсны

Мҽхакыҭбаала: Гагра ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, жьҭаара 6 рзы Гагра имҩаԥысит агәалашәаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
Нанҳәа 15, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Гагра араион адисант дыртәеит. Жьҭаара 2 рзы аԥсуа еибашьцәа жәылеит Гагра ахақәиҭтәраз, иагьхдыркәшеит иааирала жьҭаара 6 рзы.
Гагра ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра азгәарҭеит агәаларшәартә усмҩаԥгатәқәеи, атеатралтә қәгыларақәеи, аныҳәатә концерти рыла.
Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк иҟаз асалиут ала.