Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцҵоуп

Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс, уи ашьҭахь изныкымкәа иацырҵахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп жьҭаара 16 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
"Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит.
Аҳаиреилахәырақәа ирабжьгоуп Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Ставрополь, Москва рҟны аҳаирбаӷәазақәа ахархәара рыҭалазарц.
Урыстәыла агәи аладатәи ахәҭақәеи рҳаирбаӷәазақәа русура аԥкрақәа алагалоуп жәабран 24 раахыс, уи ашьҭахь изныкымкәа иацырҵахьеит.