АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны игылоу арратә база аррамаҵзурауаа Аԥсны имҩаԥыргоз аҽазыҟаҵарақәа рҟны еиҭашьақәдыргылеит ааха зоуз арратә техника ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аррамаҵзурауаа адәнытә ҭагылазаашьақәа рҟны ахархәара рырҭеит иҷыдоу аиҭашьақәыргыларатә техника - ҳаамҭазтәи аиҭашьақәыргылара-ақәгаратә машьынақәа РЕМ-КЛ, автомашьынатәи акәылӡтанкқәеи атехникатә маҵзура рыҭараз амобилтә ҟазарҭақәа МТО-АТ, МТО-БТ.
Амобилтә ҟазарҭақәа 20 инарзынаԥшуа аусурахкы мҩаԥыргоит атехникатә маҵзуразы адәнытә автономтә ҭагылазаашьаҿ.
Аррамаҵзурауаа аибашьыгеи атехника ҷыдеи аминақәа "рахаԥжәараан" ироуз аԥхасҭа аҭыԥ иқәырҵеит, имҩаԥыргеит акәылӡтехника арныҟәагақәа реибыҭара, аккумулиатортә батареиақәа рыԥсахра.
Иара убасгьы, ААО аррамаҵзурауаа иԥхасҭаз атехника аибашьра адәы аҟынтә иқәыргеит аҳәынҵәа, аԥслымӡ, аӡы рыла еиҿкааз аԥынгылақәа ирхыганы.