АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Атәымтәылауаа Қырҭтәылаҟа Аԥсны иалсны иалалар рылшом ҳәа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә ҟәша аиҳабы Рустам Латипов.
"Ари азҵаара ҳара ҳагьахәаԥшуам, избанзар ҳаушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы иоуҳажьӡом Аԥсны иалсны ицо атәымтәылауаа", - ҳәа азгәеиҭеит Латипов.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аус ауеит ирымпыҵархалеит ҳәа ирԥхьаӡо аҵакырақәа рзы азакәан, уи инақәыршәаны Аԥсны иалсны Қырҭтәыла иалало атәымтәылауаа рганахьала ашьаус хацдыркуеит.