Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа афатәаалыҵқәа рыхә аларҟәра зыбзоуроу иазкны

Изыбзоуроузеи изыцлаз атауарқәа рыхә аларҟәра, тауар хкык дәқьанқәак рҿы рыхәқәа зеиԥшыми, ахә ашьҭыҵра аамышьҭахь аларҟәра лассы-лассы иуԥыло хҭысума ахәаахәҭраҿы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
Sputnik
Аԥсны иҳамоуп азакәан аҳәынҭқарра аганахьала ахәқәа хылаԥшра рызҭо, убри аҵыхәанӡа инагӡам, уи зқәыз хылаԥшра рзамҭеит иҳәеит аефир аҿы Шьалашьаа.
"Ҳара иаҳбоит Урыстәыла имҩаԥысуа аусқәа. Уа илаҟәуа иалагеит ахәқәа, избанзар иаадрыхуа рацәоуп. Аԥсны ихьыԥшу ҳәынҭқарроуп, иаарго зегьы Урыстәыла ма Ҭырқәтәылантәи иҳауеит. Ҳәарада, ахә ашьақәыргылараан иацлоит амҩақьыра. Еиуеиԥшым ахәқәа зхароу иахьынтәиаарго анаплакқәа роуп", - иҳәеит Шьалашьаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.