Хҩык ҭахеит Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз аԥжәараан

Уажәазы иҟоу адыррала, иҭахеит иԥжәаз аидарамҩангага ааигәара имҩасуа амашьына лас апассаџьырцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Ҟрымтәи ацҳаҟны аидарамҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны хҩык ауааԥсыра ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы апресс-маҵзура.
Урҭ рахьтә хаҵаки ԥҳәыски рыԥсыбаҩқәа аӡы иалыргахьеит, рхаҭарақәа рышьақәыргылара иаҿуп.
Иара убас Ашьаусԥшааратә еилакы аҟазацәа ишьақәдыргылеит аидарамҩангага зтәыз ауаԥсы дазусҭоу, уи Ҟәбина атәылауа иакәын. Инхарҭа аҭыԥгьы еилыркаахьеит, ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.
Уи адагьы аекспертцәа иҭырҵаауеит амашьына адокументқәеи изнысуаз амҩеи. Аҭҵаарақәа ирыцҵоуп.
Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымҟа ицо ацҳаҿы иҟалаз аԥжәаразы
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба. Автомашьынамҩеи аихамҩеи рҿы аныҟәарақәа аанкылоуп.
Марат Хуснуллин Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа дахагылеит