Марат Хуснуллин Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа дахагылеит

Акомиссиа еиҿикааит аԥыза-министр Михаил Мишустин Урыстәыла ахада инапынҵала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин дахагылеит Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара зыхҟьаз аилкаарази уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхрази акомиссиа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра апресс-маҵзура.
Хуснуллин сааҭқәак ирылагӡаны ахҭыс ахьыҟалаз дцоит ихаҭа аԥхасҭа дахәаԥшразы.
Акомиссиа иалоуп Атранспорт аминистрра, АҶА, Аргылара аминистрра, Урыстәыла амшынӡиастә флот, Урысавтомҩа, Урысеихамҩа, Росгвардиа, ААР, АШәМ русзуҩцәа, Краснодартәи атәылаҿацә ахада, Ареспублика Ҟрым ахада. Атранспорт аминистр Витали Савельеви АҶА аиҳабы Александр Куренкови аҭыԥ ахь идәықәлахьеит.
Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Ҟрымҟа ицо ацҳаҿы иҟалаз аԥжәаразы
Уаанӡа адырра ҟалахьан Ашьаусԥшааратә еилакы Керчтәи аӡыбжьахала иху ацҳаҿы иҟалаз аԥжәаразы ашьаус шхацнаркыз.
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба. Автомашьынамҩеи аихамҩеи рҿы аныҟәарақәа аанкылоуп.
Ҟрым аиҳабыра иҟарҵаз адыррала, паромла аӡы арра аиҿкаара иаҿуп, уи иахьа аусура иаладыргоит. Иара убас Краснодартәи атәылаҿацәа аҿы еиҿыркаауеит адгьылбжьахалахь изымцо арныҟәцаҩцәа рзы ааҭгыларҭақәа.
Ҟрым аиҳабыра иара убас адырра ҟарҵеит адгьылбжьахалаҿы абылтәи, адизели, афатәи рзы зымхарак шыҟам, уи адагьы, адгьылбжьахала иалҵырц зҭахыз аԥсшьаҩцәа асасааирҭақәа рҿы иаангылоит аҳәынҭбиуџьет аԥарала.
Ҟрымтәи ацҳаҿы амцакра зыхҟьаз еилкаахеит