Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара ашьҭахь раԥхьатәи апассаџьыртә дәыӷба дәықәырҵеит

Ҟрымтәи ацҳаҿы аихамҩа ҽнак ала еиҭашьақәдыргылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара ашьҭахь раԥхьатәи апассаџьыртә дәыӷба дәықәырҵеит, абри атәы ааицҳаит РИА Новости акорреспондент.
Адәыӷба №28 Симферополь-Москва дәықәлеит 17:10 рзы. Ацҳа ашьҭахь иахьаангыло адәыӷбаангыларҭа Тамань-Апассаџьыртә акәхоит Ҟәбина аҵакыраҿы.
Уаанӡа, ацҳа аргыларақәа ангәарҭа ашьҭахь, Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥышәаратә еидарамҩангагаьә дәыӷбақәа дәықәырҵеит. Уи ашьҭахь Атранспорт аминистрра апассаџьырцәа рымҩангаразы иақәиҭыртәит.
Иара убас жьҭаара 12 инаркны Керчтәи аӡыбжьахалаҿы аусура иалагоит аихамҩатә паромқәа, урҭ апассаџьырцәа рымҩангараҟны ицхыраауеит ацҳа еиҭашьақәдыргылаанӡа.
Путин инапы аҵаиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа