Аԥсны

Гал иаха иҟалаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп

Иаха иҟалаз аԥшатлакә аҵлақәеи, аандақәеи, иара убас Аҭынчреиҿкааратә мҩаҿы игылаз афымцашьаҟақәа ԥшьбеи канажьит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа амаҵзурақәа иаха иҟалаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп ҳәа аанацҳауеит "Гал ТВ".
Ашьыжь асааҭ ааба инаркны амҩаду ианаҳалах аҵлақәа хырффаны рықәгара иаҿуп, икаҳаз афымцашьаҟақәа еиҭашьақәдыргылоит.
Араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба иажәақәа рыла, ҷыдала иахылаԥшуеит амҩақәеи ашьаҟауаа рымҩеи ррыцқьара.
Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа иаарласны иаԥырхуеит ҳәа ргәы иаанагоит, аӡәгьы ааха имоуит.