Лугански Донецки жәлар рреспубликақәеи, Запорожиетәи Херсонтәи аобластқәеи Урыстәыла иахәҭакхеит. Абри азы азакәан инапы аҵаҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Аоперациа ҷыда аформат аҽаԥсаххьеит, иаартны НАТО, Америка аибашьра агәҭа ишалагылоу атәы рҳәоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Нанба.
"Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизгара иаҿуп, аха уигьы маҷуп аибашьра ду уаналагылоу. Угәы иахәартә иҟоуп хатәгәаԥхарала аибашьрахь ицо ахьырацәоу. Иахьа хьаҵрак иаҿуп Урыстәыла, аха уи аамҭалатәиуп. Урыстәыла маиааишьа амаӡам. Мап анакәха, хатәгәаԥхарала Урыстәыла иалалаз рҭагылазаашьа цәгьахоит, даргьы аибашьра иалагылароуп", - иҳәеит Нанба.
Ари еибашьра дуӡӡоуп, ҳәарада, иагьа уҽазыҟаҵаны уалагаргьы, ак уцәагхар ҟалоит, аилибымкаара, ари зегьы иахысроуп, нас ауп аибашьра ҭышәынтәаланы амҩа ианықәло ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Нанба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.