Ҟрым аԥсшьаҩцәа рзы аҭел ҷыда аусура иаладыргеит

Иаку афедералтә ҭел цәаҳәа ацентр аиҿкаара зыдҳәалоу арегионалтә цәаҳәа ҷыдахь ирацәаӡаны ауаа ахьасуа азоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла атуризми Ацифреи рминистррақәа аусура иаладыргеит Ҟрым зыԥсы зшьои иаарласны уахь инеирц згәы иҭоуи атуристцәа рзы афедералтә ҭел ацәаҳәа ҷыда, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра апресс-маҵзура.
Аҟазауаа рабжьгарақәа хәыда-ԥсада ироур рылшоит абри аҭел аномер ала: + 7 800 707 9741.
Ҟрымтәи ацҳаҿы аԥжәара ашьҭахь раԥхьатәи апассаџьыртә дәыӷба дәықәырҵеит
Уи адагьы, аусбарҭақәа еицхырааны адгьылбжьахала иалыргоит зпутиовкақәа рыҿҳәара нҵәаз атуристцәа, Ҟрыми Севастополи ротелиерцәа ироуз аԥхасҭа ахә ршьоит, урҭ ацхыраара рыҭаразы ашьаҿақәа рыдыркылоит.
Путин инапы аҵаиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа