АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҩыџьа ауааԥсыра аахақәа рыманы Гагратәи Араионтә хәшәтәырҭа хадахьы инаргеит Пицунда ахаҵәирҭаҿы иҟалаз амҩатә машәыр ашьҭахь, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит амедусҳәарҭа аҳақьым хада Индира Арсалиа.
Лара иазгәалҭеит урҭ рахьтә руаӡәы иҭагылазаашьа шыуадаҩу, егьи - дшыуадаҩым. Ауацәа иҟарҵаз аҳәарала, руаӡәк Шәачатәи ахәышәтәырҭахь дыргеит.
Аидарамҩангагеи амашьына ласи ааихеит Пицунда ахаҵәирҭаҟны амҽыша жьҭаара 9 рзы ашьыжь.