1500-ҩык рҟынӡа апаранқәа рыла Керчтәи аӡыбжьахалала имҩаныргахьеит

Аусбарҭа адыррақәа рыла 757-ҩык мҩангоуп ари ахықәкы иадыԥхьалоу апассаџьыртә ӷбақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. 1500-ҩык рҟынӡа ауааԥсыреи 162 еидарамҩангага машьынеи апаранқәа рыла Керчтәи аӡыбжьахалала имҩаныргахьеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
"Росморречфлот адыррақәа рыла актәи ауахы-ҽны рыҩнуҵҟа излагаз аусурақәа рыла амҽыша, жьҭаара 9 асааҭ 18.00 рзы апаранқәа рыла имҩангоуп 1490-ҩык ауааԥсыра: Ҟрымынтәи – 712, Ҟрымҟа - 778 –ҩык", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Атранспорт аминистрраҿы иазгәарҭоит 737-ҩык апаранқәа "Керченский-2", "Лаврентий" рыла ишымҩаныргаз, егьырҭ - апассаџьыртә ӷбақәа рыла. 85 еидарамҩангага машьына Краснодартәи атәылаҿацә абаӷәаза Кавказ ахь инаган, 77 - Керчҟа.
Апарантә мҩангарақәа уахи-ҽни аус рулоит, еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаалоит. Жьҭаара 10 азы ари аус иадыԥхьалахоит аҽа паранк, амчыбжь анҵәамҭаз – аҽа паранк.