Аԥсны

Аԥсны аҳәынҭхьчаратә маҵзура аусзуҩ аамҭала имаҵура дамхуп аусҭҵаара цонаҵы

Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура атәыла амчратә усбарҭақәеи амаҵзурауааи рыхьчара мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура 9-тәи аҟәша аиҳабы Руслан Чепи-иԥа аамҭала имаҵура дамхуп аусҭҵаара цонаҵы ҳәа аанацҳауеит АХьМ апресс-маҵзура.
Чепи-иԥа Урыстәылантәи Аԥсныҟа 100 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара аиагараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" урыстәылатәи аган ала даанкылан.