Аԥсны

Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа рыла акоронавирус рыдырбалеит 163-ҩык Аԥсны атәылауаа

Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус злоу быжьҩык ачымазцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik. Цәыббра 27 инаркны жьҭаара 10 рҟынӡа Аԥсны 163-ҩык акоронавирус рыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит акоронавирус злаз 83 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара дшалҵыз.
Апандемиа ҵысыижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит 57977-ҩык, 695-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.