Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киеви Украина егьырҭ ақалақьқәеи рҿы атҟәацрақәа ҟалеит

Украинатәи АИХқәа адырра ҟарҵеит Киев ҿыц атҟәацрақәа шыҟалаз азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Киев ақалақь агәҭа атҟәацрақәа ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина ААР ахада Антон Герашьенко иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Иара Twitter аҿы иҩит аракетақәа руак Киев, Владимиртәи амҩаҿ игылоу Грушевски ибаҟа ааигәара икаҳаит ҳәа. Ари амҩаҿ ауп иахьгылоу Украина Ашәарҭадаратә маҵзура аофис. Ааигәа иҟоуп Зеленски иофис.
Асоциалтә ҳақәа рҿы Киев атҟәацрақәа рвидео рыладырҵәоит.
Киевтәи аметро адәыӷбақәа рныҟәара аанкыланы хыхьчаган еиҿкаауп.
Иара убасгьы атҟәацрақәа аҭыԥ рыман Житомир, Полтава, Ровен, Киев аобластқәа, Днепропетровск, Ивано-Франковск, Тернополь, Хмельницк, Конотоп, Кременчуг, Кропивницк рҿы. Харков ахада иажәақәа рыла аракетақәа руак афымцамчхаратә инфраструктура аргылара иаахеит. Аӡи алашареи ахьеиԥҟьаз рацәоуп.
Атҟәацра ашьҭахь Львов иаанкылоуп ТЕЦ, ааха рымоуп афымцамчхаратә инфраструктура аргыларақәа.