Арадио

Џьопуа еиҭеиҳәеит абылтәы ахә агырхара шалыршахаз атәы

Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә агхара азгәаҭоуп. Ишԥалыршахеи уи, насгьы еиԥҟьарада абылтәы ҳтәылахь аагара аус абанӡеиҿкаау, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа.
Sputnik
Аԥсны иазгәаҭоуп абылтәы ахә агырхара. АИ–92 алитр "Роснефть" аҿы 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, адизельтә былтәы – 67,5 мааҭ.
Аилахәыра "АзИд" аҿы АИ-92 - 49,5 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 58 мааҭ, ДТ – 64,5 мааҭ, "Подорожник" аҿы АИ-92 - 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, ДТ - 65 мааҭ.
"Абылтәы ахә аларҟәра зыбзоуроу Урыстәыла аган ауп. Уа ахә ианагхо, арагьы агымхашьа амаӡам. Еиҳарак ахә зыгхаз АИ–92 ауп. Ҳара ҳҿы ари абылтәы 45 мааҭ иаԥсоуп. Абылтәы ҭаҭәарҭақәа рҿы ахә еиуеиԥшым, избанзар, доусы иара иахьынтәиааиго еиԥш, убри аан араионқәа рҿыгьы урҭ еиуеиԥшым, иаҳҳәап Гал, Тҟәарчал иаҳа ахә иацуп, уи зыхҟьогьы алогистика ауп", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Урыстәылеи Аԥсни абылтәы азы иҟаз ахәқәа реиԥшымзаара ду аганахьала Џьопуа иҳәеит ахәқәа анхала ашьҭахь уа аҳәынҭқарра иабзоураны абылтәы еилахәырақәа рыхәқәа шьҭырымхӡеит, ирыгхоз аԥара аҳәынҭқарра ирынаҭон, ҳара уи аҩыза алшара ара иҳамамызт ҳәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.