Путин: асанкциақәа иҳадырҵоит ауаажәларра раӡәыкреи, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рыцхраареи

Асанкциа ӷәӷәақәа шҳадҟарҵалогьы асоциалтә хыдҵақәа зегьы анагӡаразы еиқәыршәатәуп, ишьҭыхтәуп аекономика ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Асанкциақәа иҳадырҵоит ауаажәларра раӡәыкреи, иара убас Урыстәыла арегион ҿыцқәа ацхраара рыҭареи ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин ҿыц иалху агубернаторцәа рԥылараан, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Иара иазгәеиҭеит, анҭыҵынтәи тәыла ақәыӷәӷәара шаиуа, уи арегион ахадацәа еиҳагьы аҭакԥхықәра ду шрыднаҵо.
"Ҳауаажәларра реидкылара, раӡәыкра иаанырԥшоит Урыстәыла афедерациа асубект ҿыцқәа ацхыраара рыҭара ишазхиоу, иҭырцәу адгьылҵакырақәа рыҟны аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылараз", - иҳәеит Путин.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, арегионқәа агуманитартә еидара шеидыркыло, аиланхарҭақәа мамзаргьы араионқәа хылаԥшра шазыруа.