Владимир Путин Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара терактуп ҳәа ахиҳәааит

Ашьаусҭҵааратә еилакы аиҳабы аҳәынҭқарра ахада даниԥылоз иҳәеит Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз аԥжәаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп ахәҭаҷ "атерроризм" инақәыршәаны ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Владимир Путини Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аиҳабы Александр Бастрыкин даниԥылоз иҳәеит Ҟрымтәи ацҳа аԥжәара украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иаздырхиаз терактуп ҳәа.

"Гәыҩбара ыҟаӡам. Ари атеракт Урыстәыла аграждантә инфраструктура аилаԥыххаароуп иззырхоу. Авторцәа, анагӡаҩцәа, аҿаҵаҩцәа – зегьы Украина амаҵзура ҷыдақәа роуп", - иҳәеит иара.

Бастрыкин иҳәеит украинатәи аган ишацхрааз Урыстәылеи аҳәаанырцәтәылақәеи ртәылауаа.
Иара иазгәеиҭеит агәызҩара ззыҟоу ахаҿқәа шышьақәыргылоу, аидарамҩангага машьына Ҟрымҟа ахы архаанӡа Болгариа, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Аҩада Уаԥстәыла, Краснодар ишрылсыз.
Жьҭаара 8 асааҭ 06:07 рзы Ҟрымтәи ацҳаҿы аидарамҩангага машьына ԥжәеит, уи иахҟьаны амца рыцралеит ааигәа имҩасуаз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы зҭаҭәаз ацистернақәа, еилаҳаит автомашьынатә мҩа ахәҭақәа. Аԥжәараан иҭахеит хҩык ауааԥсыра.
Путин инапы аҵаиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа