Аԥсны

Аҟәа 2022 шықәса аҩнуҵҟа 2000 фымцамчҭаҩратә шьақәгыла ықәдыргылеит

2022 шықәсазы афымцамчҭаҩратә шьақәгылақәа раахәараз ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазужьҭуп 100 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. 2000 рҟынӡа фымцамчҭаҩратә шьақәгылқәа ықәдыргылеит Аҟәа 2022 шықәса аҩнуҵҟа ҳәа иҳәеит арадио Sputnik интервиу азҭаз Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Иара иажәақәа рыла, ашьақәгылақәа аҳҭнықалақь аҿы еиҳа афымцамч ахархәара ахьазгәаҭоу аҭыԥқәа рҿы иқәыргылоуп. Абас ала Аҟәа афымцамч ахархәаҩцәа рҟынтә 10 процентк рҟынӡа ирзықәдыргылахьеит аҭаҩратә шьақәгылақәа.
Џьынџьал иазгәеиҭеит ашьақәгылақәа ахьықәдыргылаз афымцамч ахархәара 30 процент ишеиҵахаз, уи афымцалашара еиԥҟьарада ауааԥсыра рзынашьҭразы ишыцхыраагӡоу.
"Иахьазы ашьақәгылақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ахархәара еиҵахеит. Ауаа афымцамчлашара еиҷаҳуа иалагеит. Ҳгәыӷуеит аӡынгьы аиҷаҳара шыҟац иаанхап ҳәа", - иҳәеит иара.
Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы иажәақә арыла, иахьазы Аҟәа афымцамч ахархәара иазԥҵәоу аҳәаақәа ирҭыҵым.
Ашьақәгылақәа аҳәынҭқарратә харџь ала "Амшынеиқәафымцамч" иаанахәоит, рықәыргылара мҩаԥысуеит "Амшынеиқәафымцамчи" Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭеи рхарџь ала.