Аӡбарҭа: Аибашьра Ду аан Ленинградтәи аобласт аҿы анацистцәа агеноцид мҩаԥыргон

Еизгоу аршаҳаҭрақәа иазгәарҭоит, анемец-фашистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи хықәкыла ирымпыҵырхалаз Ленинградтәи аобласт аҿы хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыреи атҟәацәеи ндырҵәон ҳәа шышьақәдырӷәӷәо.
Sputnik
АҞӘА, жьҭааара 11 - Sputnik. Ленинградтәи аобласттә ӡбарҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Ленинградтәи аобласт аҿы анацистцәа агеноцид мҩаԥыргон ҳәа ақәнаҵеит ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы.
Еизгоу аршаҳаҭрақәа иазгәарҭоит, анемец-фашистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи хықәкыла ирымпыҵырхалаз Ленинградтәи аобласт аҿы хыԥхьаӡара рацәала аҭынч уааԥсыреи атҟәацәеи ндырҵәон ҳәа шышьақәдырӷәӷәо. Ишьақәыргылоуп Луга игылаз анемец ар рҿаԥхьа дҵаны ишықәгылаз анырҵәаратә експедициақәа рымҩаԥгара. Адҵа инақәыршәаны иҭархан аҭынч уааԥсыра, иблын аиланхарҭа ҭыԥқәа, иахцан арахә, еимҵәан афатә-ажәтә.
"Афашистцәа ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа аӡә дыршаҭомызт. Ленинградтәи аобласт аҿы Луги Ломоносовтәи араионқәа иахьрыҵанакуа аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуаз ажрақәа раан иаарԥшын ахәыҷқәа назлаз 138-ҩык рыԥсыбаҩқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уи адагьы асовет тәылауаа мчыла аконцлагерқәа рахь иргон. Ашьаусҭҵааҩцәа ишьақәдыргылеит Ленинградтәи афронт аҟынтә ианхьаҵуаз анацистцәа рыгыгшәыграқәа зегьы, рымҩа иаԥныз аҭыԥқәа руааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала ишындырҵәоз.