АҞӘА, жьҭаара 11– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсни Урыстәылеи ренергетикцәа аусурақәа мҩаԥыргоит аҳауатә цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны афымцацәаҳәақәа рыԥсахразы.
Аҭыԥ аҿы аус руеит "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа 20-ҩыки урыстәылатәи анардадатә усзуҩцәа 23-ҩыки.
АЦә ахьышьақәдаргыло аҭыԥ даҭааит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Лара лажәақәа рыла иахьазы ацәаҳәа аушьҭратә лшара 260 мегаватт иҟоуп, аԥсахратә усурақәа рышьҭахь 300 мегаватт ҟалоит.
"Заҟа ҳзеиҭашьақәыргыло ааҟара имариахоит аԥкрақәа раԥыхра. Аӡын аамҭазы алашара арцәара зыдҳәалаз аиҳарак АЦә "Аҽгәара" амчхара алаҟәра акәын. Уажәшьҭа уи азҵаара аԥыххароуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Озган иазгәалҭеит астанциа маҷқәа рҿы ареконструкциақәа мҩаԥгатәуп, аиҳаракгьы Аҟәа ҳәа. Усҟан Озган ишылҳәо ала алашара арцәарақәа амашәырқәа ирыхьҟьоит мамзаргьы афымцамч аекономиа.
АЦә "Аҽгәара" ргылан 1956 шықәсазы.