Аԥсны

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит

1992 шықәса жьҭаара 11 рзы, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз, Гагра араион ахы ианақәиҭтәха, Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Аштаб хадеи раԥҵаразы Ақәҵара рыдыркылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы "Инаӡаӡоу агәалашәара ашәҟәы" (1997) аҟны иҩуеит 1992 шықәса нанҳәа 18 рзы атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵан ҳәа. 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы, Гагра араион ахы ианақәиҭтәха, уи азы Ақәҵара рыдыркылеит. Аилак хантәаҩра азиуан Владислав Арӡынба.
"Аилак анапаҵаҟа еидкылан атәылахьчараз амчра зегьы. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩыс далхын аполковник Виктор Какалиа, аштаб аиҳабыс – 1992 шықәса нанҳәа 15 рзы хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз аполковник Сулҭан Сосналиев, Гәымсҭатәи ахьчаратә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан амаиор Мушьни Хәарцкьиа, аполковник Сергеи Дбар Бзыԥтәи ахьчаратә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан", - иҳәоит аҵарауаҩ.
1992 шықәса жьҭаара 2 рзы аԥсуа ари хатәгәаԥхарала еибашьуаз ротриадқәеи Гагра ахы иақәиҭыртәит, жьҭаара 6 рзы – Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа зегьы.
"1992 шықәса жьҭаара 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа, аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, иара Москватәи аиқәшаҳаҭра ашьҭахь Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩыс дарҭеит, Аштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев", - иҩуеит аҵарауаҩ.
Аштаб хада аиԥш реиҿкаара иалагеит анапхгараҭарақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа. 1992 шықәса жьҭаара 28 рзы иаԥҵан Арбџьармчқәа рҟны атыл амаҵзура, абџьари атехникеи рнапхгараҭара, амедицинатә маҵзура.
"Аибашьраан Атәылахьчара аминистрра амчрааҿ иаԥҵан акомиссарцәа ринститут. Аԥсны Арбџьармчқәа ркомиссарс дҟаҵан аполковник Сергеи Шамба", - аҳәоит аҭыжьымҭа.
Ажьырныҳәа 8, 1993 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум аҿы ирыдыркылеит ақәҵара Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хадас иҟаҵаразы.