АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион жьҭаара 10 рзы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Маркәыла иара Очамчыра ақалақь амҩақәа аӡы иҵнаӡәӡәааит, аҩнқәа аӡы рыҩналеит, иҟоуп анхацәа рымхурсҭақәеи руҭрақәеи аӡы иаӡәӡәаз.
Аӡҩыбжьа ақыҭа ахада Дмитри Абахәба иажәақәа рыла ақыҭан аа-ҩнык аԥхасҭа аиуит.
Аҳәынҭқарра ахада Очамчыра араион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит, иҳәеит аԥхасҭа ахҟьапҟьақәа раԥыхразы ацхыраара шыҟаиҵо.