Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит

Жьҭаара 11, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Арбџьармчқәа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Арбџьармчқәа шаԥҵаз ареспубликаз еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы - 1992-1993 шықәсқәа Аџьынџьтәылатә еибашьраан.

"Ҳажәлар зегьы рзы иҷыдоу ари амш аҽны исҭахуп Арбџьармчқәа рветеранцәа ҭабуп ҳәа расҳәарц, Аиааира ахьӡала рфырхаҵареи ргәымшәареи рзы. Шәара хацәынмырха Аԥсны ахьыԥшымреи ахақәиҭреи шәыхьчон иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рызгьы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Иара иазгәеиҭеит иахьа аррамаҵзура иахысуа абиԥараҿа аиҳабыратә абиԥарақәа рытрадициа хьӡырҳәагақәа рышьҭра ишху.
Аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит
Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы Аԥсны Арбџьармчқәа рматериал-техникатә база шарӷәӷәало, ишеиӷьнатәуа, ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭагылазаашьа азгәаҭо.