Арадио

Габелаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ақыҭақәа амшцәгьа ирнаҭаз аԥхасҭа атәы

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит амшцәгьақәа араион ианаҭаз аԥхасҭа шҭырҵаауа.
Sputnik
Амшцәгьа иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы аԥхасҭа роуит, иҟоуп амҩақәа аӡы иахьыҵнаӡәӡәааз, џьара-џьара аҩнқәагьы ирыҩналеит. Кындыӷ ақыҭа абжьаратә школ ахыб аԥхасҭа аҭоуп. Маркәыла ақыҭаҿы ихыҵыз аӡиас Мықә анхацәа ирыҵалеит. Аӡҩыбжьа амҩа аҿықә аҟны инхо х-ҭаацәарак рыҩнқәа аӡы рыҩналеит, Џьгьрада ақыҭа ҩ-ҭаацәарак, иҳәеит Габелаиа. Убасгьы анхацәа рымхурсҭақәа руҭрақәа аӡы иаӡәӡәеит.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.