Аԥсны

Урыстәылатәи аофтальмологцәа Аԥсны 888-ҩык рыблабара гәарҭеит

Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр Аԥсны аусура иалагеит цәыббра 27 рзы, атәыла ахада Аслан Бжьаниа иаԥшьгаралеи Агәабзиарахьчара аминистрра адгыларалеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Шаталов ихьӡ зху аклиника аҟынтә аофтальмологцәа Аԥсны 888-ҩык рыблабара гәарҭахьеит, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҳақьымцәа цәыббра 27 раахыс Аԥсны иҟоуп. Агәаҭарақәа мҩаԥыргахьеит Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рыҟны.
Иазгәаҭоуп, ареспублика ауааԥсыра реиҳараҩык ишрыдбалоу аблаҵәца ахәашьра, аӡҩежь.
Ареспублика егьырҭ араионқәа рҿы адкылара иалагоит жьҭаара 17 инаркны.