Аԥсны

Қьамал Арӡынба ишьра аус ахәаԥшразы Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь инашьҭуп

Қьамал Арӡынба дыршьит Аҟәа лаҵара 18 рзы . Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рылҳәан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Қьамал Арӡынба дишьит ҳәа агәҩара зызрымоу Баҭал Ԥлиа иус ахәаԥшразы Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь инашьҭуп. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аус аматериалқәа рыла лаҵарамза 18, асааҭ 17:10 рзы Ԥлиеи идырым ауаҩи Имам Шамиль имҩан игылоу афбатәи аҩны ахыб ахь ихалеит, уи аҭыԥ аҟынтә Абырба имҩаҟны игылоу ахатәы ҩны ашҭа иҭаԥшуан, амардуан аҟынтәи адәахьы идәылҵыз Қьамал Арӡынба иганахьала хынтә иреиҵамкәа абџьар ҭдырҟьеит.
Арӡынба иара убри аҽны, асааҭ 18:10 рзеиԥш Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытәи ацәгьоуцәа амашьына "Toyota Mark X" ала ибналеит. Уи аҽныҵәҟьа ашьаус-оперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан амашьына былны иԥшаан.
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбамҭала иара убас Ԥлиа ахара идҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада реикәыршареи атәым мазара аимҵәареи рзы.