Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар ирыдиныҳәалеит ахьыԥшымразы Ашәҟәынҵа анрыдыркылаз амш

23 шықәса раԥхьа, 1999 шықәса жьҭаарамза 12 рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы" Ашәҟәынҵа рыдыркылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар ирыдиныҳәалеит "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыҧшымразы" Ашәҟәынҵа адкылара 23 шықәса ахыҵра амш. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҟны ахада иазгәеиҭеит ашәҟәынҵа адкылара Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵара ақәԥараҿы акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит ҳәа.
"Ажәлар ргәаҳәара шьаҭас иаҭаны, уи аҟны ишьақәырӷәӷәан, иагьрылаҳәан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра. Аԥсны жәлар жәларбжьаратәи ауаажәларра иднарбеит ишрымоу ԥгара зқәым аилымшәареи акзаареи. Ҳара ҳазныз амҩа хьанҭан. Бџьаршьҭыхла ҳаззықәԥоз ари аус аҟны зықьҩыла иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа ҳцәалаӡит" ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала азхаҵара иабзоураны аҭоурыхтә иашара шьақәырӷәӷәан ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Акрызҵазкуа ари амш азы ахада атәылауаа ирзеиӷьишьеит анасыԥ, ахирра, Аԥсны – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.