Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ауааԥсыра аахақәа роуит

Аԥсны атәылауаҩи Урыстәыла атәылауаҩи Гәдоуҭа араион аҿы амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аахақәа роуны ахәшәтәырҭахь инаргеит жьҭаара 12 асааҭ 12:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҩыџьа ахацәа Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь инаган амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит амедусҳәарҭаҿы.
Амашьынақәа еиҿасит Аҷандаратәи ахаҵәирҭаҿы.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым Ҭемыр Зыхәба ишиҳәаз ала, ааха зоуз рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Раԥхьатәи амедицинатә цхыраара ашьҭахь дара Аҟәаҟа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь идәықәҵахоит анаҩстәи рыхәшәтәразы. Аӡәы Аԥсны датәылауаҩуп, егьи- Урыстәыла.