Арадио

Габелиа еиҭеиҳәеит Иалта ахәыҟаҵаҩцәа рыбжьара ақалмышь шӡыригаз

Иалта имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи апроект "Аурыс кҿаҩра ацҳәаражәҳәаҩ" иалахәыз Баҭал Габелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, уи иалахәхара шыҟалази, иусумҭа шрыдыркылази ԥышәас инаҭази ртәы.
Sputnik
Россотрудничество аҟынтә адырра сырҭеит Иалта апроект алахәхаразы Аԥснынтә хәҩык ахәыҟаҵаҩцәа рыӡбахә шҳәоу, аха убри аан ицо аӡә шиаку, ҳәа еиҭеиҳәеит Габелиа.
"20 мшы ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшын аҭак. Аус шызуаз ҽнак сҭел аасырҭызар, абар ажәабжь, даара сеигәырӷьеит. Иалта Аԥсны ахьӡ аӡыргаразы алшара ахьсоуз даара сгәы шьҭнахуан. Аиҿцәажәарақәа анҳамаз аамҭазы ахаа аҟаҵара сара снапы ианырҵеит. Иҟасҵои ҳәа иансазҵаа, истаххеит ҳмилаҭтә чыс, аха ақалмышь знык акәын иахьыҟасҵахьаз, сшәон исзыҟамҵар ҳәа. Араантәи изгеит ашәырӡы, амҳабысҭа, аԥсуа шыла", - еиҭеиҳәеит Габелиа.
Баҭал 42-ҩык рхәы аҟаҵара иқәшәеит, анаҩс ичысгьы ӡыригар акәын.
"Сшәон, аха сымч сылша зегьы еизызгеит. Ирзеиҭасҳәеит ишыҟазҵаз, даргьы аинтерес рызцәырнагеит. Анаҩс ахҳәаа аҭарахь саннарыԥхьа, сышнеиз сгәалашәаӡом, аха ишыргәаԥхаз атәы рҳәеит", - еиҭеиҳәеит Габелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.