Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт иалахәыз рхаҭарақәа шьақәнаргылеит Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы

Атеракт иалахәын ҳәа 12-ҩык гәҩарас мрымоуп, урҭ рыбжьара иҟоуп Урыстәыла, Ермантәыла, Қырҭтәыла ртәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы ишьақәнаргылеит Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт иалахәыз 12-ҩык рхаҭарақәа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы апресс-маҵзура.

"Аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ акырынтә иахәаԥшит, Урыстәыла арегионқәа рҿы жәабала аԥшаарақәа мҩаԥыргеит. Аҭыԥ аҿы иԥшаан аусҭҵааҩцәеи акриминалистцәеи анализ ззыҟарҵо амаҭәахәқәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа иазгәанаҭоит атеракт Украина амаҵзура ҷыдақәа ишымҩаԥыргаз, арратә ԥшыхәра ахада Кирилл Буданов инапхгарала.
Аусҭҵааҩцәа ишьақәдыргылеит арҭҟәацга зқәыз аидарамҩангага ахырхарҭа. Одессантәи Болгариаҟа нас мшынла Қырҭтәылаҟа, уантәи Ермантәылаҟа. Абри ашьҭахь еиҭах Қырҭтәылаҟа ихынҳәны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Аҩадатәи Ларс" ала Урыстәыла иалалеит.
Аԥшаарақәа цоит, аусҭҵааҩцәа ишьақәдаргылоит атеракт амҩаԥысшьеи алахәылацәа зегьи.
Урыстәыла АШәМ Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт еиҿызкааз ихьӡ рҳәеит