Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи ар ржәыларақәа зегь аԥдырҟәҟәааит Харькови ЛжәРи рҿы

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа украинтәи аҳаирплан Су-27 карыжьит Полтавтәи аобласт аҿы, икажьуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 12 ДЖәР, ЛЖӘР, Херсонтәи аобласт рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа украинатәи аруаа ржәыларақәа зегь аԥдырҟәҟәааит Харьковтәи аобласти ЛжәРи рҿы, иҭархоуп 100-ҩык рҟынӡа аибашьцәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Купиантәи ахырхарҭаҿы аӷа ҩ-гәыԥк рыла аиланхарҭақәа Орлианкеи Котларовки (Харьковтәи аобласт) дрыжәлеит. Урыстәылатәи ар ажәылара ааныркылеит. Иҭархоуп 50-ҩык украинатәи аруаа, атанкқәа хԥа, аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа ԥшьба, 7 акк автомабилтә техника", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы Украина архәҭақәа ҩ-баталионтә гәыԥк рыла ажәылара рҽазыршәеиит аӡиас Жеребец ирны аиланхарҭақәа Стельмаховкеи Розовкеи (Лугансктәи ареспублик) рнапахьы иааргарц.
Артиллериеи авиациеи рхархәарала аӷа аӡиас даԥырцан. Шьҭахьҟа дхьацан.
"Атанкқәа 2, аршьаҟауаа реибашьыга машьынақәа 5, апикапқәа 2, аруаа 60-ҩык ҭархоуп", - рҳәеит аминистрраҿы.