Аԥсны

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьоуп

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы аусԥҟақәа рнапы рыҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14– Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ранаршьеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҭҵаарадырратә усураҿы рылшамҭақәа рзы, активла аҭҵаарадырра-практикатә усуразы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан: афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иван Ҭарба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа.
Иара убас "Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵаран ААУ 27-ҩык арҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Уи адагьы, жьҭаара 14 азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аиурист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп Лиудмила Хоџьашвили.