АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Ацитрустә сезон иалацәажәеит аԥснытәии урыстәылатәии аҳазалхратә маҵзуҩцәа русутә еиԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла сынтәатәи асезон азы амандарина, алимон, апельсин 52 тонна инеиҳаны иҟалап ҳәа иазыԥшуп.
Аиԥылараан иара убасгьы иалацәажәан акурорттә сезон аамҭазтәи аусура аихшьаалақәа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазатә хылаԥшра, аамҭала ЕАЕС аҵакырахь Аԥсны ашәҟәы иану амашьынақәа ралагалара уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа.