Арадио

Џьниаԥҳа ахәыҷбаҳчақәа рзы асеминар иазкны: ахәыҷы иҭахра ахшыҩзышьҭра аҭан

Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәеи русзуҩцәеи рзы Аҟәа имҩаԥысуа асеминар алахәыла, Гәдоуҭа араион аҵараусбарҭа аспециалист хада Римма Џьниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи аҟны хадаратәла иззаҭгылаз.
Sputnik
Аԥсны абызшәеи аҵаратә политикеи рминистрра раԥшьгарала Урыстәылатәи "Рыбаков Фонд" аҟазауаа Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәеи русзуҩцәеи рзы ҩымш асеминарқәа мҩаԥыргоит Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҟны. Апрограмма иаҵанакуеит ахәыҷы ишәразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, иара убас ахәыҷбаҳҷақәа рааӡаҩцәа рԥышәа еиздарҳауеит.
"Апрограммаҟны ахәыҷы иҭахра раԥхьа идыргылоит, избанзар иара аинтерес иикыз, иаҳарц, иидырырц ииҭаху изнаганы, еилыркааны, нас идырра арҭбаара ауп", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.