Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" аусура иаланаргоит алашара онлаин ахә зларшәо аԥшьы

Урыстәылатәи аплатформа “Квартплата.Онлайн” аиԥш зеиԥшу аԥшьы уажәазы аԥышәарақәа ирыхрыжьуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Амшынеиқәафымцамч" аусура иаланаргоит афымцалашара онлаин ахә ашәара злауа аԥшьы, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Алхас Ҷанба.
“Квартплата.Онлайн” Урыстәылатәи аплатформа аиԥш зеиԥшу ашьаҭала иҟаҵоуп. Уи урыстәылатәи аҟазауаа иаԥырҵеит. Уажәазы иара аԥышәарақәа ирыхрыжьуеит.
“Абонент аԥшьы дҭаланы ихатәы кабинет ааитуеит, ихаҿытә хыԥхьаӡаламҭа иазку аинформациа ҭеигалоит, анаҩс афымцамчԥхьаӡага иану арбагақәа ҭеигалоит. Анаҩс аԥшьы ахала алашаразы ахә шаҟа шәатәу аԥхьаӡоит. Убас ари аплатформа аҩны уштәоу афымцалашара ахә ушәарц алшара унаҭоит”, - иҳәеит Ҷанба.
Аԥшьы рхы иадырхәар рылшои афымцамчԥхьаӡага ззықәгылам абонентцәагьы. Урҭ иалкаау азыԥҵәақәа рыла ахә ршәоит.
Ҷанба иажәақәа рыла, “Квартплата.Онлайн” App Store, Play Market рҟынтәи иҭаргалар шрылшо. Аԥшьы ахаҭа мҽхакы ҭбаала ахархәарахь иаларгалоит ҳазҭоу амза иалагӡаны.
Аԥсны
Аҟәа 2022 шықәса аҩнуҵҟа 2000 фымцамчҭаҩратә шьақәгыла ықәдыргылеит