Аԥсны

Аԥсны абаандаҩцәа рҭакышьа иалацәажәеит ААРи Аџьар Ҟаԥшь Аилак ахаҭарнакцәеи

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит абахҭа иҭаку абаандаҩцәа раанкылашьа, урҭ амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа, иара убас Аԥсны абахҭа ҿыц аргылара ахьынӡаҭаху.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакцәа данырԥылоз атәыла ахьырхәратә система далацәажәеит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура "Аԥсныпресс".
Аганқәа алацәажәеит абахҭа иҭаку абаандаҩцәа раанкылашьа, ацәгьоуцәа раанкыларҭақәа русушьа, ААР Ашьаусԥшааратә аанкыларҭа аинфраструктура, абаандаҩцәа амедицинатә цхыраара рыҭашьа, иара убас Аԥсны абахҭа ҿыц аргылара ахьынӡаҭаху.
Амиссиа ахантәаҩ ҿыц Родриго де Резенде инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҿкаара ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа наҟ-наҟ адгыларарыҭара ишазхиоу, иара убасгьы агәаҳәара ааирԥшит абаандаҩцәа апсихологиатәи асоциалтәи цхыраареи рыҭараҟны адгылара ҟарҵарц шырҭаху.