АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла аҩадатәи ахәҭаҿы ашахта аԥжәараан акгьы рмыхьит, абри азы адырра ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Ақалақь Бартын ашахта ԥжәеит ахәаша ауха. Аҭырқәа мчрақәа адырра ҟарҵеит аԥжәараан 300 метра аҵаулараҿы адгьыл ихәыҵан 115 аусзуҩцәа. Урҭ рыхәҭак реиқәырхара рылшеит, аахақәа зауз ахәшәтәырҭақәа рахь иргеит.
40-ҩык шҭахаз еилыркаахьеит, 49-ҩык инареиҳаны адгьыл аҵа иаанханы иҟоуп. Аԥжәара ахьыҟалаз ақалақь Бартын аус руеит аиқәырхаҩцәа, аҭыԥ ахь днеит атәыла ахада Реџьеԥ Таиип Ердоган.