Ҩынҩажәаҩык ауаа ҭахеит Ҭырқәтәыла ашахта аԥжәараан

Аԥжәара ахьыҟалаз ақалақь Бартын ахь днеит атәыла ахада Реџьеԥ Таиип Ердоган.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. 40-ҩык ҭахеит Ҭырқәтәыла арацәа шахтаҿы иҟалаз аԥжәараан, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу иажәақәа ааганы.
Уаанӡа ишырҳәоз ала, амашәыр аан 28-ҩык ҭахеит, аха Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ажурналистцәа иреиҳәеит иҭахаз рхыԥхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа ишынаӡаз.
Ақалақь Бартын аҟны ашахт ԥжәеит ахәаша ауха. Аҭырқәа еиҳабыра адырра ҟарҵеит аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы 300 метра аҵаулараҟны адгьыл ихәыҵан 115-ҩык аусзуҩцәа.
Урҭ рыхәҭак реиқәырхара рылшеит, аахақәа зауз ахәшәтәырҭақәа рахь иргеит. 40-ҩык инареиҳаны адгьыл аҵа иаанханы иҟоуп.