Ажәытәӡатәи аԥсилтәи аибашьҩы икәылӡы аиҭашьақәыргыларазы асахьаҭыхҩы ахшыҩҵак изцәырҵит аԥснытәи аҵарауаҩ Иури Воронов 1977-1978 шш. раан Цибилиум абааҿы археологиатә жрақәа раан ииԥшааз артефактқәа анибаз ашьҭахь.
Акәылӡы аус анадиулоз Џьапуа иҭиҵаауан ажәытә сахьачаԥақәа ирныз аԥсуа еибашьцәа.
Уи ааглыхратә металл иалхны иҟаиҵеит. Асахьаҭыхыҩ раԥхьа инапала аиха ҭаԥыҟҟаны аҵәаҟьақәа ҟаиҵон, анкьа ишыҟаз еиԥшны. Анаҩс, уи зынӡа иуадаҩхо ианалага, ажьирахь днеин, уа изыҟарҵеит.
Зынӡа акәылӡы 1367 ҵәаҟьа рыла ишьақәгылоуп, даҽа 200 цыра аџыр ԥыраҳәазы иҟаҵахоит.
Џьапуа иажәақәа рыла, ари аҩыза ацәеижьхьчага зшәызҵоз аҽыуаа ракәын, ашьаҟауаа ракәымкәа. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит аидӡахылашьа злаҟоу ала. Аҵәаҟьақәа ҵаҟантәи хыхь еиқәҵаны еидӡахылоуп, убас ала аибашьраан ҵаҟантәи аӡә дыкшар, ԥырхага роуам.
Иаҳа инарҭбааны ари акәылӡы аҭоурых шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.