Аԥсны

Гагратәи араионтә еизарахь алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәоуп

Гагра араионтә еизарахь адепутатцәа ралхра мҩаԥысит алхратә ҭыԥқәа ҩба рҿы асабша жьҭаара 15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхратә ҭыԥ №15 (Гагра) аҿы заанаҵтәи адыррақәа рыла аиааира игеит Ахра Барцыц, алхратә ҭыԥ №9 (Ԥсахара) аҿы - Едуард Ҳаразиа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кәартаа.
Алхратә ҭыԥ №15 аҿы иқәгылоуп акандидатцәа Ахра Барцыци Саҭбеи Багаҭелиеи. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Барцыц изы рыбжьы арҭеит 63,7% алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа, Багаҭелиа изы - 33%. Зынӡа рыбжьы рҭиит 28,97% алхыҩцәа.
Алхратә ҭыԥ № 9 аҿы дықәгылан кандидатк - Едуард Ҳаразиа. Иара иоуит 99,11% бжьы. Абжьыҭирахь инеит 37,88% алхыҩцәа.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыларҳәоит жьҭаара 20 рзы иҳәеит Беслан Кәартаа.
Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп алхыҩцәа зегь рахьтә 25 % иреиҵамкәа рыбжьы арҭазар. Гагратәи алхратә комиссиа Араионтә еизарахь аиҭалхрақәа азгәанаҭеит алхратә ҭыԥқәа №9 (ақыҭа Ԥсахара), №15 (Гагра ақалақь) рҿы ҩыџьа адепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа иахьаанкылахаз иахҟьаны.