Си Цзиньпин Таивань Китаи адҵаразы амч ахархәара шалшо иҳәеит

Китаитәи аиҳабыра хадеи уи аӡыбжьахатә провинциеи рофициалтә еизыҟазаашьақәа аанкылан 1949 шықәса рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Пекин ҭынчымҩала Таивань адҵара иашьҭоуп, аха иаҭаххар, амч ахархәарагьы шалшо атәы иҳәеит КЖәР ахантәаҩы, Китаи Акомпартиа амаӡаныҟәгаҩ хада Си Цзиньпин, Китаи Акоммунисттә партиа 20-тәи аизара ду аан дықәгыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара гәыкала иаҳҭахуп ҭынчымҩала ҳаидылара ҟаларц, аха мапгьы ҳзацәкуам амч ахамырхәара, иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит анҭыҵынтәи, ма Таивань ахьыԥшымразы иқәгыло зхыԥхьаӡара маҷу асператистцәа рахьтә аӡәыр иҽалаигало далагар", - иҳәеит иара.
Убри аан Си Цзиньпин инаҵшьны иҳәеит ус еиԥш аҟаҵара рықәшәар, Таивань иқәынхо ауааԥсыра реиҳараҩык ԥырхага шырмоуа.
Иара иажәақәа рыла, ар рреформа ирыцҵахоит, 2027 шықәса рзы Китаи Амилаҭ-хеиқәырхаратә ар шәышықәса анахыҵуа адунеижәларбжьаратә ҩаӡара змоу арбџьармчқәа ҳаурц азы.