Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит Белгород ахысрадәы аҿы атеракт ашьҭахь

Белгородтәи аобласт аҿы иҟоу Мраҭашәаратәи арратә округ иатәу ахысрадәы аҿы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа руак атәылауаа ҩыџьа арратә операциа ҷыда иалахәхарц азы Украинаҟа ирышьҭраны иҟаз ахатәгәаԥхаҩцәа рҽахьазыҟарҵоз ирылахысуа иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы Арратә шьаусԥшааратә усбарҭа хада ашьаус хацнаркит Белгород ахысрадәы аҿы иҟалаз аиҿахысра ашьҭахь. Абри азы аусбарҭа адырра ҟанаҵоит Telegram-канал аҿы.
"Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы Арратә шьаусԥшааратә усбарҭа хада ашьаус хацнаркит Белгород ахысрадәы аҿы иҟалаз ацәгьоура аҵыхәала. Иҟалаз ахҭыс аан 11-ҩык ҭахеит, 15-ҩык ахәрақәа роуит", - ҳәа ануп апресс-релиз аҿы.
Хәҭаҷс изҵанакуа ҳәа азгәаҭаӡам.
Асабша жьҭаара жәохә рзы Белгородтәи аобласт аҿы иҟоу Мраҭашәаратәи арратә округ иатәу ахысрадәы аҿы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа руак атәылауаа ҩыџьа атеррористтә акт ҟарҵеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Атәылахьчара аминистрра. Уи иахҟьаны 11-ҩык ҭахеит, 15-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ амедицинатә цхыраара роуеит. Ацәгьоура ҟазҵаз рганахьала аҭактә хымца аартын, атеррористцәа рыҩџьагьы ҭархан ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Жәаҩык ауаа инареиҳаны иҭахеит Белгородтәи аобласт ахысрадәы аҿы атеракт аан