АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь Аилак ареспубликаҿы аусура 30 шықәса аҵра азгәанаҭеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәма" аҿы жьҭаара 17 азы.
Ааигәанӡа АҞЖәА амиссиа анапхгаҩыс иҟаз Натан Реиес иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит лҵшәабзиалатәи русеицуразы.
Анаҩс иара дыдирдырит амиссиа анапхгаҩ ҿыц Родриго де Резенде, уи иажәақәа рыла, мчыбжьык ала иибеит аусзуҩцәа ракзаареи Аԥсны иаанарԥшуа аҳаҭырқәҵареи.
"Агәахәара ду снаҭоит ари аныҳәамш азы ара сыҟазаара. Сгәыӷуеит, ԥхьаҟагьы ҳгуманитартә усқәа рынагӡараан ҳзеигәырӷьаша шырацәахо", - иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак амиссиа аусзуҩ Лиана Аҩӡԥҳа илҳәеит аиҿкаара Аԥсны аус шауа 1992 шықәса раахыс, атәыла ауааԥсыра агуманитартә цхыраара шырнаҭо.
"Ацхыраара заухьо рхыԥхьаӡара 50 нызқьҩык рҟынӡа инеихьеит. Еиҳа ацхыраара зҭахны иҟоу рзы АҞЖәА еиҿнакааит хәыдаԥсадатәи акрыфарҭақәа. Ара есыҽны 10 000-ҩык рҟынӡа рхәы-рыԥхь рырҭон. 90-тәи ашықәсқәа рышьҭахь аҭагылазашьа еиӷьхеит, аҭыԥантәи анапхгара ари аус рхахьы иргеит, иахьа уажәраанӡагьы ари амиссиа нарыгӡоит. 2008 шықәсатәи аимак ашьҭахь Кәыдрытәи аиҩхааҿы АҞЖәА ацхыраара аҟаҵара иалагеит. Апрограмма иаҵанакуан зхала инхаз, ичмазцәаз. Ари апрограмма иахьагьы аус ауеит", - лҳәеит Аҩӡыԥҳа.
АҞЖәА амиссиа ахада иассистент Борис Казанба иазгәеиҭеит аиҿкаара 1994 ишаԥшьнагаз Гагра аортопедиатә центр аартра. 1995 шықәсазы Ацентр аусура иалагеит.
"Апротезқәа, аортезқәа, асақьаҭқәа - ирацәан 1992-1993 шш. раантәи аибашьраан ааха зауз рныҟәара ацхыраараз иааргоз. Ари апрограмма уажәы Агәабзиарахьчара аминистрра иаҭоуп, Ареспубликатә реабилитациатә центр аҿы апрограмма аусура иацнаҵоит. Агәахәара ду ҳнаҭоит апроект ахьымҩаԥысуа", - иҳәеит Казанба.
Уи адагьы АҞЖәА абахҭа иҭакуи иаанкылоуи ауаа ирыцхраауеит. 2015 шықәсанӡа ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны абахҭақәа реиҿкаареи иҭаку ацхыраара рыҭареи мҩаԥысуан.
2020 шықәса хәажәкырамзазы, COVID-19 апандемиа ианалага амиссиа ареспублика амедицинатә усбарҭақәа рыцхраара иалагеит. Ҷыдала азхьаԥшра аҭан Аԥсны ААР амедицина-санитартә маҵзура, избанзар, абахҭақәа рҿы аҿкы алаҵәара еиҳа ишәарҭан ишьан ҳәа иҳәеит Казанба.
Апандемиа аамҭазы Аџьар ҟаԥшь аусзуҩцәа аҭыԥантәи амчрақәа ирывагылан, иеиҳабыратәим аиҿкаарақәа рыцхыраарала ԥшьынтә хәышәҩык рҟынӡа абыргцәа фатәыла еиқәдыршәеит, азгәеиҭеит Казанба.