Аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҳәаа иҭагӡаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы аҟәша апроект ҿыц хацнаркит аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа рзанааҭ алхра иазку. Ари апроект анагӡаразы раԥхьа иаҭааит Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭа.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь арҵаҩы Алиса Барцыц, иара убас АААК аусзуҩцәа Изольда Ҳагԥҳаи Наур Хышбеи ашколхәыҷқәа ирацәажәеит, Аԥсны иуоур зылшо абжьарапрофессионалтә атехникатә занааҭқәа рыӡбахә еиҭазҳәо авидеороликқәа ддырбеит.
"Ҳара иаҳҭахӡамызт ари (аиԥылара - азгә.) аурок ма лекциак еиԥш амҩаԥгара. Иаҳҭахын ахәыҷқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцразы аҭагылазаашьа аԥҵара. Убри азы астол гежь еиԥш имҩаԥаҳгеит. Раԥхьаӡагьы ҳарҭааит Калдахәаратәи аинтернат аҵаҩцәа. Ажәбатәи, ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа еизганы ҳрацәажәеит. Ҳгәаанагарала ас еиԥш аицәажәарақәа акыр иаԥсоуп, избанзар Аԥсны иҳамоуп аҵараиурҭақәа аҳәынҭқарра, ауаа ирыхәаша азанааҭ бзиақәа ахьырҵаша. Ахәыҷқәа аиҳараҩык ахьӡ змоу афакультетқәа алырхыр рҭахуп, аха нас аусурҭа ҭыԥқәа змам аекономистцәа, аиуристцәа шырацәахо ҳдыруеит. Абри ҳазхәыцны ҳгәы иҭаҳкит ахәыҷқәа рацәажәара, хықәкыс иҳамоуп аҵараиурҭақәа рӡыргара", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ус еиԥш аиԥыларақәа аԥхьаҟа аҭаацәагьы алархәны имҩаԥыслар шырҭаху.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.