Роспотребнадзор аҳаирбаӷәазақәа рҿы иналак-аалкны COVID-19 атестқәа ҟарҵаларц рабжьыргоит

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла атәылауаа, Урыстәыла аҵакырахь иҭало, хымш рыҩнуҵҟа акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму азы атестқәа арҭалароуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Роспотребнадзор иазԥхьагәанаҭоит аҳаиртә баӷәазақәа рҟны иналак-аалкны COVID-19 атестқәа мҩаԥыргаларц. Абри азы аусбарҭа адокумент кьыԥхьуп анорматив-зинтә актқәа рфедералтә портал аҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысырҭақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ ахьыҟоу атәылақәа рҟынтәи Урыстәыла аҵакырахь иҭало Урыстәыла атәылауаа, аҳәаанырцәуаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа иналак-аалкны COVID-19 атестқәа рзымҩаԥыргаларц аусқәа еиҿкаазааит", - ҳәа аҳәоит апроект аҿы.
Иахьазы атестқәа раҭара иаҵанакуа аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи роуп. Роспотребнадзор иазԥхьагәанаҭоит COVID-19 атест аҳәаанырцәынтәи иаауа, алаҵа змам урыстәылаа рзаԥыхра.