Хҩык ауаа ҭахеит аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз

Аҳаирплан Су-34 аҽазыҟаҵараан икаҳаит Аладатәи арратә округ арратә ҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥрааны аҳаракырахь ианхалоз. Иара каҳаит Еиск аиланхарҭақәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Ҩыџьа ауаа ҭахеит, 15-ҩык ахәышәтәырҭа иҭарҵеит аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит арегион АҶА аусбарҭаҿы.
"Абыржәтәи аамҭазы ҩыџьа шҭахаз ҳдыруеит, 15-ҩык ахәышәтәырҭа иҭарҵеит", - рҳәеит адырраҭараҿы.
Еиск аҳаирплан зықәҳаз аҩнеихагыла анхацәа ралгара иаҿуп, аиқәырхаҩцәа аус шыруц ируеит, иаҭаххар, урҭ рхыԥхьаӡара иацырҵар рылшоит.
Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адырра ҟарҵахьан иахьа аҳаирплан Су-34 аҽазыҟаҵараан ишкаҳаз, Аладатәи арратә округ арратә ҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥрааны аҳаракырахь ианхалоз. Иара каҳаит Еиск аиланхарҭақәа рҿы. Иҭыԥаз аԥрыҩцәа ишырҳәаз ала, абылра ҟалеит аҳаирплан арныҟәагақәа руак амца ахьакыз аҟынтә. Иара ахькаҳаз аиланхарҭақәа рашҭаҿы аҳаирплан абылтәы амца акит.