Аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз иахҟьаны 14-ҩык ҭахеит

Еиск аҳаирплан ахькаҳаз аҭыԥаҟны аԥшаара-аиқәырхаратә усқәа хыркәшоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Аҳаирплан Су-34 Еиск иахькаҳаз иахҟьаны 14-ҩык ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости АҶА адыррақәа шьаҭас иганы, иара убас аинформациа шьақәиргәӷәеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев.
"Гәалсрала исҳәоит 14-ҩык шҭахаз", - иҳәеит Кондратиев ателеканал "Россия 24" аефир аҟны.
Уи адагьы агубернатор иҳәеит, ааха зауз аҩны аиҭашьақәыргалара шалшо.