Аԥсны

Аҳәақәа, алабашьа, аҳәызбақәа: Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵа аартуп

Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла рыҳасабырбатә цәыргақәҵа аартызаауеит жьҭаара 21 аҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла раҳасабырбатә цәыргақәҵа "Х-напы".
АЦәЗ адиректор хада Ельвира Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа аартуа илҳәеит, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла 2021 шықәсазы ишаԥҵаз. Лгәаанагарала ари ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа хҭысын.

"Сгәанала, атрадициақәа реиқәырхаразы ари хра змоу, аҵак ду змоу усуп. Уи иахьазы актуалра аҵоуп. Аидгыла ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи азеиӷьасшьоит", - лҳәеит лара.

Аидгыла ахантәаҩы Ҭимур Ӡиӡариа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵахь ишнаго ашықәс аҩнуҵҟа иаԥҵаз аусумҭақәа, иҳәеит акомиссиа ишалыркаауа усумҭак-усумҭак. Урҭ нас Аидгыла афонд иаланы еиуеиԥшым ацәыргарақәа ишрылахәхо.
Выставка Союза оружейников в ЦВЗ
"Ара ихадараны иҟоу ацәыргақәҵаҿ амаҭәар рацәа ахьаарԥшу ауп – аихақәа, аҳәақәа, алабашьа, аҳәызбақәа, аибашьыгақәа реиԥш ашәарыцагатә, акҿаҩратә ҟазшьа змоу. Ҳара аиха аус анадаҳуыло абџьар ззырхо ҳәа ҳхәыцуам. Ихадароу ишыҟаҵо ауп", - иҳәеит иара.
Аидгыла алахәыла қәыԥш, 20-шықәса зхыҵуа Аинар Шьынқәба ацәыргақәҵахь иааигеит аԥсуа ҳәызбақәеи рыҭрақәеи хԥа. Аҭрақәа ацәа, амҿы ирылхуп. Аҳәызбахәқәа аебонит иалхуп. Иара иажәақәа рыла абџьарҟаҵара инапы алакуижьҭеи х-шықәса ҵуеит.
Выставка Союза оружейников в ЦВЗ
"Саб ажьира далагеит. Саргьы исҭаххеит уи аус. Раԥхьатәи сумҭақәа угәы изахәомызт. Ҭимур Ӡиӡариа саниабадыр, исзеиҭеиҳәеит аус амаӡақәа", - иҳәеит иара.
Занааҭла Аинар дгеографуп, аха аус ҿыц абзиабара иоуз занааҭхар ҟалоит ҳәа дақәгәыӷуеит.